Print this page
Ашәахьа, 10 Нанҳәа 2026 20:35

Бадра Гәынба адҵа ҟаиҵеит ахәышәтәырҭақәа рхаҭабзиара аиӷьтәразы

Аҳәынҭқарра анапхгара русура ахадаратә хырхарҭақәа ируакуп агәабзиарахьчара азҵаара. Убри атәы дазааҭгылеит иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба агәабзиарахьчара аминистр дызлахәыз аилацәажәараҟны. 

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, агәабзиарахьчара аҭагылазаашьа аиӷьтәразы акрызҵазкуа ашьаҿақәа шыҟаҵатәу, атәылауаа ахәшәқәа рыла ишеиқәыршәатәу, ахәышәтәырҭақәа рҟны згәабзиара шьақәзыргыло ауаа ахәшәқәа шрыгырхатәым. 

"Шәара Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҟны ҳақьым хадас шәаныҟаз иҟашәҵоз шәусура амҽхак шәырҭбаароуп атәыла зегьы аҟны", - абас, Аԥсны Ахада аминистр адҵа ииҭеит. 

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит атәылауаа ргәабзиара ахьчаразы апрограмма аус шадулатәу, иара убас иахәҭоу амедицинатә цхыраара аиуразы аҭагылазаашьа шаԥҵатәу. 

 Ҷыдала, Ахада агәабзиарахьчара аминистр адҵа ииҭеит атәыла амедицинатә хыбрақәа руак аҟны аекстракорпоралтә хшараиуразы (ЕКО) иахәҭоу апрограмма аус адыруларц. 

Бадра Гәынба иазгәеиҭеит, есышықәса Аԥсны анҭыҵ ауаа рыхәышәтәразы имаҷымкәа ахарџь шазоурыжьуа. Иара иажәақәа рыла, иахәҭоу амедицинатә стандартқәа анышьақәгылаха, алшара ҟалоит рыбжаҩык Аԥсны ргәабзиара ашьақәыргыларазы. 

Азҿлымҳара аҭан, иара убас ахәыҷтәы хәышәтәырҭа аргылара азҵаара. 

Ахада агәабзиарахьчара аминистр дҵас ииҭеит хаҭала ари апроект аусура анагӡаразы акапиталтә ргылара Аусбарҭа дахылаԥшырц. Ахада иҳәеит аргылара аусура алҵшәақәа ирызкны адырра иоуларц, иара убас апроект анагӡаразы ицәырҵуа азҵаарақәа ирзааҭгылаларц.

Read 12 times