Print this page
Ахәаша, 14 Нанҳәа 2026 09:31

Ахада Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа игәалаиршәеит

Иахьа 34 ш. ҵит Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) иалагеижьҭеи.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа игәалаиршәеит.

Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны ашәҭқәа рышьҭаҵара иазкыз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Ахада ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба,    Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, Аиҳабыра рхаҭарнакцәа, Апарламент адепутатцәа, иҭахаз аибашьцәа ранацәа, аветеранцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Ахада ажәлар рахь иҟаиҵаз ааԥхьараҟны иазгәеиҭеит, нанҳәамза 14 - Аԥсны аҭоурых адаҟьақәа рҟны итрагедиатә рыцхәны ишаанхо. Бадра Гәынба иҳәеит,  Аԥсадгьыл ахьчара иазгылаз зықьҩыла ҳауаажәлар рфырхаҵара,   Нхыҵ-Кавказынтәи, Урыстәылатәи арегионқәа рҟынтә хатәгәаԥхарала еибашьуаз , иара убас аԥсуа диаспора иаадырԥшыз адгылара хашҭшьа шақәым.

Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Аԥсадгьыл аҟазаареи-аҟамзаареи ианҭагылаз аамҭазы идикылаз аӡбамҭа аҵакы шдуу, иара ишилиршаз ҳажәлар рлахьынҵа ихахьы агара, реидкылара, урҭ аиааира амҩахь рнагара.

Бадра Гәынба иазгәеиҭеит, ҳазҭагылоу аамҭа уадаҩ азы аидгылареи  аҳаҭыреиқәҵареи шаҭаху, иара убас ҳаԥсадгьыл аинтересқәа зегь раԥхьа иҳаргылар шакәу.

Read 9 times Last modified on Ахәаша, 14 Нанҳәа 2026 11:32