Print this page
Ахәаша, 14 Нанҳәа 2026 12:23

Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны имҩаԥысит Аԥсны аиааира агаразы хатәгәаԥхарала еибашьуаз рыхьӡала абаҟа дыргылараны иахьыҟоу аҭыԥ аҟны ахаҳә ашьҭаҵара

Ахада Бадра Гәынба иқәгылараҟны иазгәеиҭеит, нанҳәамза 14 - алахьеиқәҵареи агәалашәареи ишрымшу, усҟан атәылаҟны ишыргәаладыршәо  Аԥсадгьыл ахьчаразы иҭахаз ҳаибашьцәа гәымшәақәа рфырхаҵара, аиааиреи ахьыԥшымреи зыԥсҭазаарақәа ахҭынҵаны иаҳзаазгаз. Ари амш наунагӡа Аԥсадгьыл ахьчара хацәнамырха иазгылаз ҳажәлар рфырхаҵареи ргәаларшәареи ирсимволны иаанхоит.

Ахада иазгәеиҭеит, 1992 ш. нанҳәамза 14 рзы излагаз аибашьра ҳтәылаҟны ихамшҭыху рыцхәны ишаанхо. Усҟан, Аԥсны амилаҭтә ԥыза Владислав Григори-иԥа Арӡынба инапхгарала ихацыркын  Аԥсны Аиааира агарахьы уназгоз иуадаҩыз, иагьфырхаҵаратәыз амҩа.

Бадра Гәынба иҳәеит, абри амш аҽны ахаҳә ашьҭаҵара асимволтә ҵакы шамоу. Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, иргылахараны иҟоу абаҟа еизҳауа абиԥарақәа рзы иҿырԥшы бзианы иҟалоит, наӡаӡа хатәгәаԥхарала еибашьуаз ҳашьцәа рфырхаҵара шаҳаҭра азнаулоит.

Ахада ҷыдала ааԥхьара ҟаиҵеит Нхыҵ-Кавказынтә, Алада-Урыстәылантә хатәӷәаԥхарала еибашьуаз, аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа рахь, иара убас иҭахаз аибашьцәа рҭаацәа рахь. Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит зегьы, иазгәеиҭеит аибашьра ианалага раԥхьатәи амшқәа инадыркны ҳьцәа арӷьажәҩаны ишҳадгылаз, бџьаршьҭыхла ҳаԥсадгьыл шҳацрыхьчаз, иуадаҩыз аԥышәара аамҭа ишҳацаныз, шәҩыла урҭ рахьтә наӡаӡа аԥсуа дгьыл аҟны ишынхаз.

"Ари абаҟа шьала иӷәӷәахаз ҳаиашьара иасимволзааит, ҳзеиԥш иааира иаҽахәҳәаганы иҟалааит. Аԥсны ахааназы иахашҭраны иҟаӡам ҳашьцәа иаадырԥшыз агәаӷьреи, афырхаҵареи, адгылареи",- иҳәеит Бадра Гәынба.

Read 10 times Last modified on Ахәаша, 14 Нанҳәа 2026 12:27