Print this page
Ахәаша, 14 Нанҳәа 2026 14:11

Аахыҵ-Уаԥстәыла Ареспублика Ахада аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Мараҭ Камболов Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара амш азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи аԥсуа жәлари рахь ааԥхьара ҟаиҵеит

«Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб- иԥа!

Аахыҵ-Уаԥстәыла Ареспублика ауаажәларра рыхьӡала Аԥсныжәлар рахь ааԥхьара ҟасҵоит Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара амш хашҭра шақәым азы.

Нанҳәамза 14 - Аԥсны аҭоурых аҟны иҷыдоу атыԥ ааннакылоит. Абри амш аҽны ажәлар аԥышәара аамҭа уадаҩ иҭагылеит, дара ирылдыршеит афырхаҵара аарԥшра, атәыла аԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы бџьаршьҭыхла Аԥсадгьыл ахьчара.

Аџьынџь дгьыл ахьчаразы иҭахаз аибашьцәа гәымшәақәа ргәалашәара аҽаԥхьа ҳхырхәоит.

Ари арыцхә Аахыҵ-Уаԥстәыла ажәлар ирзааигәоуп. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы хатәгәаԥхарала еибашьуаз ауаԥсаа, рашьцәа аԥсуаа иарӷьажәҩаны ирывагылеит. Аибашьра иацуп аԥсҭбарақәа, усҟан еиҳагьы иӷәӷәахеит иҳабжьаз аиашьара, ҳажәларқәа рҭоурых наунагӡа иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп.

Иахьа, Аахыҵ-Уаԥстәыла Аԥсны жәлар ргәаҟра рыцеиҩнашоит. Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рфырхаҵара, рыԥсадгьыл ахь ирымаз абзиабара еизҳауа абиԥарақәа еимырдалап, иахӡыӡаалап.

Бадра Зураб-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәамч, аихьӡарақәа, Аԥсны ауаажәларра - аҭынчра, аизҳазыӷьара!».

Read 10 times