Алеқсеи Екәыԥ-иԥа имариамыз аԥсҭазааратә мҩа хьыӡла-ԥшала данысит. Аибашьра Ду ихигеит, Берлинынӡа днаӡеит, Аиааира аагараҿы илагала маҷым. Алеқсеи Лашәриа ифырхаҵареи, игәымшәареи, илаз иԥсадгьыл абзиабареи, еизҳауа абиԥарақәа рзы иҿырԥшы бзианы иаанхоит. Гәалсра дула срыдышшылоит Алеқсеи Екәыԥ-иԥа иуацәеи иҭынхацәеи.
Игәалашәара лаша ԥсра-ӡра ақәым».