Иара убас, Аԥсны Ахада иазгәеиҭеит, атәыла анапхгара ирылшо зегьы шыҟарҵо ақалақьуааи араион анхацәеи рыԥсҭазаара аиӷьтәразы. Иҳәеит, раԥхьа иқәгылоу азҵаара хадақәа ишыруаку араион аинфраструктура аиӷьтәра.
Ҷыдала, Ахада адырра ҟаиҵеит Тҟәарчалҟа узго амашьынамҩа хадақәа реиҭашьақәыргылара нап шадыркуа. Иазгәеиҭеит, "Ԥаҭраз" амҩа аиҭашьақәыргылара шаҭаху, Аԥсны Жәлар Рџьынџьәылатә еибашьра анцоз аамҭазы амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақьи мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟаз тҟәарчалтәи ақыҭақәеи реимадараҟны иҷыдоу аҭыԥ шааннакылоз, арратә стратегиатә ҵакы шамаз.
Ахада иазгәеиҭеит, араион администрациа акапиталтә ргылара Аусбарҭа адҵа шаиҭаз акыршықәса раахыс ауадаҩра зцу аӡымҩангагатә система азҵаара аҳасабразы. Амшцәгьақәа раан аӡеизгарҭақәа ҟьашьуан ирылалоз ацрыҵқәа ирыхҟьаны, аӡы ужәыртә аҭагылазаашьа ыҟамызт. Иҳәеит, ари азҵаара шьаҭанкыла аҭыԥ ишықәҵатәу.
Хазы, Бадра Гәынба дазааҭгылеит Тҟәарчал араион аҟны иҟаз аԥсабаратә рыцҳара иҟанаҵаз аԥхасҭа аԥыхра азҵаатәы. Ибгаз амҩақәа реиҭашьақәыргылара рыбжьы ақәдыргеит араион ауааԥсыра реиԥш, анаплақәа рнапхгаҩцәа, иара убас атәыла зегьы анаплакыҩцәа. Ас еиԥш иҟаз аамҭа уадаҩ азы ацхыраара ҟазҵаз зегьы атәыла Ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ихьӡала дара аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьан.