Акыршықәса аус зымуаз ахыбра, иахьа аусура еиҭашьақәыргылоуп. Аҳәынҭқарра Ахада ахә ҳаракны ишьеит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа, далсны ибеит Тҟәарчал араион иаҵанакуа ақыҭақәа рҟынтәи анхацәа аҭира иааргаз рхатә аалыҵ.
Ақыҭанхамҩатә ҭыԥ аҟны ицәырган ауҭраҭых, ашәыр, аҩнтәи ашә, ацха, иара убас амилаҭтә чысхкқәа. Ахәҳаахәҭратә усура рхы аладырхәит Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата, иара убас акреативтә маҵзура "Абарҭ".
Бадра Гәынба иҳәеит, аџьармыкьа аусура иахьалагаз аҭагылазаашьа бзиа шаԥнаҵо араион иазааигәоу ақыҭақәа рҟынтә анхацәа иаарго рхатә аалыҵ аҭиразы.
Анаҩс, Бадра Гәынба Тҟәарчал аихамҩатә вокзал даҭааит, уаҟа раԥхьатәи ашьапылампылтә туристтә ныҟәара "Зегьы Тҟәарчалҟа" аофициалла аусура алагаразы адҵа ҟаиҵеит.
Апроект аусура ҳәаақәылҵеит ажурналист Арифа Капԥҳа, уаанӡа лара аиԥш зеиԥшыз аекскәрсиатә программақәа мҩаԥылгон Аҟәа. Апроект автор аҳәынҭқарра Ахада, ауаажәларра, асасцәа ирзеиҭалҳәеит ас еиԥш иҟоу аныҟәарақәа рҵакы, иара убас уи ишалоу аҭоурыхтә ҭыԥ ԥшӡақәа рҭаара.
Аныҟәарақәа ирылагӡаны атәыла Ахада ибеит архивтә фотоцәыргақәҵа "Ажәытәтәи Тҟәарчал".