Уи аԥхьа, аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭахьан аԥсуа дипломатиа ашьақәгылареи атәыла антересқәа рыхьчареи рус аҟны Игор Ахба иааникылоз аҭыԥ.
Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит, Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы, Игор Ахба, Москва ахаҭарнакра хадара шазиуаз, уи аинформациатә блокада аԥыхра акыр ишацхраауаз, агәыҳалалратә цхыраара шеиҿнакаауаз, иара убас урыстәылатәи ауаажәларрақәеи аполитикатә хеилакқәеи реимадара шҳәаақәнаҵоз. Аԥсны Ахьыԥшымра аназханаҵаха анаҩс, 2008 ш. азы Урыстәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Хаҭарнакс дҟаҵан, аԥсуа дипломатиа аҿиареи атәыла аинтересқәа рыхьчареи аусхк аҟны акыр илагала дууп.