АХАДА ИАДМИНИСТРАЦИА АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Асабша, 17 Ажьырныҳәа 2026 14:51

Ешба Беслан ақыҭа аҿиара иазкыз Аминистрцәа реилазаара аилацәажәара далахәын

Ешба Беслан Аԥыза-министр Делба Владимир ақыҭа адгылара аҭаразы аҳәынҭқарратә программа анагӡараан аусбарҭақәа русеицура алзыршо агәыԥ аԥҵара иазкыз иажәалагала дадгылеит.  

 «Ахада Инашьҭымҭаҟны ҳазҭалаз ашықәс ақыҭа иашықәсны ирылаҳәан. Уи аҳәамҭа аҳәаақәа ирҭагӡаны иазгәаҭоуп ақыҭа аинфраструктуреи Афельдшер-акушертә пункт аусуреи ирызку ауснагӡатәқәа. Иара убас ирылаҳәан ақыҭа арҵаҩы аҷыдатә зинқәа  иҭара шаҭаху атәы. Азҵаарақәа рацәан, урҭ реиҳарак аусбарҭабжьаратәқәа ирызкын аҟнытә аусуратә гәыԥ аԥҵара хымԥада иаҭахуп» , — иаҵшьны иҳәеит Ешба Беслан.

 Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы иара убас иазгәеиҭеит аусура аиҿкаараҟны ихадараны иаҟалар шакәу Ақыҭанхамҩа аминистрра. 

 «Ақыҭа дгьылҵакырақәа, анхацәа, ақыҭауаа рыдгылара — атәыла асоциал-економикатә ҿиараҟны ихадароуп, избан акәзар ақыҭанхамҩа ихадароу аекономика аусхкқәа ируакуп, уи аекономика аизҳара иацхраароуп», —иҳәеит Аԥыза-министр Делба Владимир.

 Аԥыза-министр Делба Владимир  имҩаԥигаз аилацәажәара иара убас иалахәын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Нанба Џьансыхә, афинансқәа рминистр Гәбаз Саид, аекономика аминистр Амқәаб Ҭемраз.

 
Read 93 times Last modified on Ахаша, 06 Лаҵара 2026 23:54
aps25