АХАДА ИАДМИНИСТРАЦИА АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аԥшьаша, 07 Лаҵара 2026 16:35

Ахада Ихаҭыԥуаҩ акциа «Агәалашәара амца» далахәын

Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҟны имҩаԥысыз акциа «Агәалашәара амца» далахәын.

Наӡаӡатәи амца ацырҟьа Москва иҟоу Идырым асолдаҭ Иԥсыжырҭаҟнытә иааган. Есышықәсатәи акциа хықәкыс иамоуп аҭоурых ахамышҭреи аԥхьаҟатәи абиԥарақәа Аиааира асимвол рымадареи.

Бигәаа Беслан иқәгылараҿы иҳәеит:

«Акыр иаԥсоу аҩызцәа!

Иахьа ҳара шаҳаҭцәаны ҳамоуп аиашазы асимволтә ҵакы ныҟәызго, аҵак ду змоу, Москва иҟоу Идырым Асолдаҭ Иԥсыжырҭаҟнытә Наӡаӡатәи амца ацырҟьа аагара иадҳәалоу ахҭыс. Ари амца баша мцабзӡам. Ари иахьанӡа еиқәханы иааҳгаз гәалашәароуп, ари Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы аиааира згаз ажәларқәа ԥсра зқәым рфырхаҵареи, ргәымшәареи, рхачҳара дуи ирсимволуп.

Акрызҵазкуа ари акциа зҽалазырхәыз зегьы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит.

Иахьа Аҟәаҟа иаагоу Наӡаӡатәи амца ацырҟьа – аҭоурых ахамышҭра иасимволуп, афырхацәа рфырхаҵара хашҭра ақәымкәа, абиԥарала еимдо ишнаргало атәы иазҳәоуп.

Акыр иаԥсоу аҩызцәа!

Ари амца еснагь иаҳгәаланаршәалааит аҭынчра аҵакы, аԥсадгьыл абзиабареи аҭоурых иазку аиашеи еицакра шрықәым.

Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Аиааира Амш!
Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, аҭынчра, уаҵәтәи амш агәрагара».

Read 25 times
aps25