АХАДА ИАДМИНИСТРАЦИА АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 15 Лаҵара 2026 15:57

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан Аԥсны аҳ Қьалышьбеи Чачба ихьӡ анаӡаӡатәра иазку Аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара мҩаԥигеит

2026 шықәса жәабранмза 12 рзы Аԥсны Ахада Гәынба Бадра Адҵа инапы аҵаиҩит ари Акомиссиа аԥҵаразы.  

Аилацәажәараҿы ирыхцәажәеит Аԥсны аҳ изку аҭоурыхтә дыррақәа реиҭашьақәыргылара, анышә дахьамадоу аҭыԥ аҿы археологиатә ԥшаарақәа рымҩаԥгара, еилыбгаз аԥсыжырҭахаҳә аиҭашьақәыргылара, иара убас аҳҭнықалақь аҿы амонументалтә баҟа ақәыргыларазы аҭыԥ алхра азҵаарақәа. 

Аилацәажәараҟны ишьақәырӷәӷәан аҭҵаарадырра-ԥшааратә усурақәа рыплан. ААУ аҭоурыхтә факультет адекан Габелиа Алик инапы ианҵоуп Аԥсны Аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара аҳәынҭқарратә усбарҭеи, ААР Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәшеи, иара убас Аҳәынҭқарратә ҭоурых-архитектуратә музеи-ҳәырԥсарра «Аҟәа абаа» алархәны Аҟәатәи абаа иахьаҵанакуа аԥшааратә усурақәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи. Арҭ аусура хықәкыс ирымоуп Аԥсны аҳ иԥсыбаҩқәа рыԥшаареи анышәынҭратә баҟа ахьыҟаҵәҟьз аҭыԥ ашьақәыргылареи.

Иара убас Анзор Агәмаа ишәҟәы «Аҟәа ажәытә» («Старыи Сухум») аҟны иеиқәханы иҟоу анышәынҭратә баҟа аҭоурыхтә фотосахьа шьаҭас иҟаҵаны, асовет аамҭазы еилаԥыххааз анышәынҭрахаҳә аиҭашьақәыргыларазы апроект аус адулара хацыркхоит.

Қьалышьбеи Чачба ибаҟа Аҟәа иахьықәыргылахо аҭыԥ азҵаара аимак-аиҿак цәырнагеит. Акомиссиа алахәцәа рыхәҭак ажәалагала ҟарҵеит Аҟәатәи абаа азааигәара Акомҿараа рбаҟа аҭыԥан ақәыргыларазы адгьыл ҭыԥ рхы иадырхәарц, анаҩс ииаргарц. Даҽа позициак шьаҭас иаман ари аҭыԥ амонумент арлашаразы иманшәалам аҟнытә лаԥшылатәи адкыларазы иҽеим ҳәа агәаанагара, уи амонумент аҭоурыхтә ҵакы еицанакыр алшоит ҳәа, убри аҟнытә амонументалтә ргыламҭа нхарҭәааны ақәыргылара алшартә еиԥш аҭыԥ ҿыц азыԥшаара.   

Аӷәаанагарақәа реиқәымшәара инамаданы акомиссиа алахәцәа рнапы ианҵоуп азҵаара иҵегьы аус адулара, анаҩстәи аилатәаразы иҵаҵӷәырку ажәалагалақәа разырхиара. Аҭыԥ аналкааахалак ашьҭахь уи азы ажәалагалақәа Амонументалтә ҟазаразы акомиссиахь инашьҭхоит иреиӷьу абаҟа апроект азы иаарту аицлабра амҩаԥгаразы.                            

Read 58 times
aps25