АХАДА ИАДМИНИСТРАЦИА АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ашәахьа, 03 Абҵара 2025 00:12

Ахада Ихаҭыԥуаҩ аԥсуа милаҭтә хәмарра «Аимҵакьачаразы» аицлабра даҭааит

Ахада Ихаҭыԥуаҩ иаҵшьны иҳәеит амилаҭтә спорт ахкқәа рырҿыхара амилаҭ ахаҿра аиқәырхаразы аҵак ду шамоу, иазгәеиҭеит ари апроцесс аҿар ралахәра ҷыдала агәахәара шунаҭо.   

 ▫️ Аицлабра хацыркын жьҭаарамза 27 рзы, Аҟәа. Уи иалахәуп аҟәатәи ашколқәа №1 и №5 ркомандақәа «Ҷлоу», «Кәтол», Афонҿыцтәи «Аԥсар». Аицлабрақәа хә-хәҭакны ишьақәгылоуп, Аԥсны ақыҭақәа алахәуп. 

 

▫️ Иара убас ихадароу аицлабра инаваргыланы имҩаԥысуеит 18 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ақәыԥшцәа рыбжьара аицлабра. Уи иалахәуп Аҟәа, Дәрыԥшь, Ԥақәашь, Ҷлоу хаҭарнакра рзызуа акомандақәа хәба.   

 
Read 155 times Last modified on Аԥшьаша, 07 Лаҵара 2026 00:03
aps25