АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Асабша, 30 Лаҵара 2026 19:55

Гәынба Бадра апроект "Аԥсны ишәыднагалоит" ахыркәшара иазку аофициалтә усмҩаԥгатә далахәын

Арт -платформа "Гәыма" имҩаԥысит аицлабраҟны аиааира згаз рыӡбахә аҳәареи аҳамҭақәа ранашьареи. Аусмҩаԥгатә иара убас далахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан.

Аиԥылара алахәцәеи асасцәеи минуҭктәи  ҿымҭрала дыргәаладыршәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь, уи иԥсҭазаара далҵижьҭеи 15 шықәса иҵит.

Ахада идырбеит апроект афиналистцәа ринтерактивтә ҭыԥқәеи имҩаԥыргаз аԥышәеимдареи. Ахада даҭааит ақьабзтә етикет инақәыршәаны имҩаԥгаз «Аԥсуара аҵас ала аҳаҭырқәҵара иазку аурок», аекспозициа: "Ажәытәтәи Аҟәа аҭоурых: ашәышықәсақәа рышьҭахь»,  ашеф -хәыҟаҵаҩцәа ргастрономиатә усмҩаԥгатә, иара убас дахәаԥшны ибеит анапҟазарҭа "Иаԥҵа ухатәы аԥсуа сувенир", иара убас оранжереиа лакә "Аԥсны ашәҭшьыҵәра". 

Ахада иқәгылараҟны иҳәеит иахьа ишазгәарҭо зхатә џьабаала, баҩхатәрала, гәык ала зус иазыҟоу асасдкылара ҟазшьас измоу, зхатә хаҿра змоу, адунеи зегьы азы иаарту ҳаамҭазтәи Аԥсны ахаҿра аԥызҵо ауаа рылшамҭақәа.  

Аҳәынҭқарра Ахада ари апроект атуризми, акультуреи, анапҟазареи рҟынтә аҟазацәа еидызкыло хадара злоу уаажәларратә аԥшьгароуп ҳәа азиԥхьаӡеит. Иара иажәақәа рыла, аицлабра ихадароу хықәкны иамоуп есҽны ҟазара ҳаракылеи ҳаҭырлеи асасцәа здызкыло рыхьӡ аӡыргара. 

Бадра Гәынба Атуризм аминистрра, «Аԥсны акоманда», апроект аусура иалахәыз – «Урыстәыла - алшарақәа ртәыла» ахаҭарнакцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит аҵак ду змоу ари аԥшьгара анагӡаразы.

Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, «Аԥсны ишәыднагалоит» -  ахаҭабзиареи, агәреибагареи, асасдкылара иадҳәалоу аҵасқәа ҳаҭыр рықәҵареи ирсмволны ишыҟоу, иҳәеит аицлабраҟны аиааира згаз ҿырԥшы бзианы ишыҟало атәыла ахьӡ аҭыгара аус аҟны амаҵзура акультура аҿиареи, атуристтә хырхарҭа аҳасабала ареспублика ахаҿра аӡыргареи ишрыцхраауа. 

Аусмҩаԥгатә ахыркәшамҭазы Ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит алахәцәа зегьы, ирзеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа, арҿиаратә гәазыҳәара, аизҳазыӷьара.

Апроект афинал ахь инеит асасдкылара ахырхарҭаҟнытә аицлабра иалахәыз 47- ҩык. Аексперттә хәшьареи жәлар рыбжьаҭареи рылҵшәақәа рыла 10 нызқь бжьы инареиҳаны изауз рахьтә иалкаан 31-ҩык ашеф-хәыҟаҵаҩцәа, аекскурсиамҩаԥгаҩцәа, анапҟазацәа, акаҳуажәырҭақәа, аԥсшьарҭа ҩнқәа.

Read 30 times Last modified on Асабша, 30 Лаҵара 2026 20:01
aps25