АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 03 Ԥхынгәы 2026 12:38

Гәынба Бадра Сергеи Кириенкои Очамчыра амҩақәа шьаҭанкылатәи реиҭашьақәыргылара амҩаԥысшьа гәарҭеит

▫️

 

▫️ Амҩатә обиектқәа реиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит Урыстәылатәи Афедерациа афинанстә цхыраарала Аинвестициатә программа анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны. Арҽеиратә усурақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа рыдыркылеит 2025 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәараҿы аԥарақәа реиҭеихшарала.

▫️

▫️ Ари аԥхьа Урыстәылатәи Афедерациа афедералтә биуџьет (1 млрд мааҭк) аҟынтә  Аԥсны аиланхарҭатә ҭыԥқәа рҿы амҩақәа рырҽеиреи реиҭашьақәыргылареи рзы апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны 2025 шықәсазы ихацыркын 205,5 млн мааҭ зықәхарџьу Кәыдрытәи аиҩхааҿы амҩатә инфраструктура аиҭашьақәыргылара актәи ахәҭа. Ари аобиект аҿы аусурақәа зегьы рхыркәшара азԥхьагәаҭоуп 2026 шықәса ԥхынҷкәынмзазы.

 

▫️ Аԥсны Урыстәыла афинанстә цхыраарала имҩаԥысуа амҩақәа реиҭашьақәыргыларазы апроектқәа рынагӡара хшыҩзышьҭра ду анаҭоит.

 

▫️ Агәаҭараан ҷыдала хшыҩзышьҭра аҭан инарыгӡо аусурақәа рхаҭабзиареи аҿҳәарақәа рықәныҟәареи. Очамчыра амҩа хҟьара арҿыцра ақалақьи араион зегьи рытранспорттә инфраструктура аҿиараҿы акраҵанакуеит, амҩала аиҭаҵрақәа аманшәалареи ашәарҭадареи рышьақәыргылара иацхраауеит. Урыстәыла Аԥсны амҩатә усхк аҿиареи арҿыцреи рҿы инеизакны ацхыраара аҭара иацнаҵоит.

Read 4 times
aps25