АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 03 Ԥхынгәы 2026 15:56

Имҩаԥысит Аҟәа ақ. аҟны иеиҭашьақәыргылоу Диоскураа рыԥшаҳәа аартра

Аусмҩаԥгатә иалахәын Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада Рустам Минниханов, Башкорҭосҭан Ареспублика Аиҳабыра Аԥыза-минист Андреи Назаров, Нижни Новгород ахаҭарнакцәа, В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аусуҩцәа рхаҭарнакцәа, аԥсны-урыстәылатәи анаплакыҩцәа.   
 

Ҿыц еиҭашьақәыргылоу Диоскураа рыԥшаҳәа аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аҳҭнықалақь аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирызку зымҽхак ҭбаахаз проектхеит. Ахықәкы хадақәа ируакын аҭоурыхтә ҵакы змоу аԥшаҳәа ахаҿсахьа аиқәырхара, убри аан ҳазҭагылоу аамҭа иақәшәо ақалақьтә ԥшра аҭара. Аиҭашьақәыргылараан еиқәырхан ақалақь адгьылҵакыра  аҭоурыхтә хаҿра, аиаҵәара, ақалақь хыԥша. Аԥшаҳәа иаиуит анаиааирҭа ҿыцқәа, еиҭарҿыцу алашарбагақәа, анџьныртә коммуникациақәа, аԥсшьарҭа ҭыԥқәа, иара убас акультуратәи ауаажәларратәи усмҩаԥгатәқәа рзы аҭыԥқәа.

Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит "Аамҭа акапсула" аҵәахра,  Аҟәатәи абжьаратәи ашколқәа рҵаҩцәа рҟынтә аԥхьаҟатәи абиԥарақәа рыхьӡала ацҳамҭақәа анҵаны. Акапсула аартхоит 45ш. рнаҩс - Аҟәа ақалақь 2555 ш. ахыҵра ашықәс азы. Иара убас имҩаԥысит ахәыҷбаҳча ааӡамҭацәеи ашколхәыҷқәеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рбираҟқәа кны асимволтә ҵакы змоу рныҟәара.

Апроект аусура алыршоуп ихадоу аҳҭнықалақь ауаажәларратә наӡааӡара арҿыцра аус аҟны злагала дуу Башкорҭосҭан Ареспубликеи, Нижни Новгороди, В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа», аԥсны-урыстәылатәи анаплакыҩцәеи ралахәрала. Урҭ рыхьӡала аԥшаҳәаҟны апроект алахәцәа зегьы рыхьӡала иаартуп агәаларшәагатә ҭаӡҩыра хәыҷқәа. Иаарласны нап аркхоит асқьала аиҭашьақәыргылара, уи мҩаԥнагоит Краснодартәи атәылаҿацә.

Апроект аҵак ду амоуп Аҟәа аҭоурыхтә ҭынха аиқәырхаразы. Аусурақәа раан Аҟәатәи абаа иахьаҵанакуа аҭыԥқәа рыҟны имҩаԥган археологиатә ԥшаарақәа, урҭ ирыбзоураны иԥшаан ақалақь ажәытәӡатәи аҭоурых иадҳәалоу артефактқәа. Иԥшаау аобиектқәа зегьы хьчахоит, атуристтә ныҟәарақәа ирыхәҭакны иҟалоит.

Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Идырым асолдаҭ ибаҟеи Аԥсны абжьаҟазаратә миссиа назыгӡоз аррамаҵзурауаа рбаҟеи рыҟны ашәҭқәа рышьҭаҵара.

Read 16 times Last modified on Ахәаша, 03 Ԥхынгәы 2026 16:13
aps25