Аныҳәа аҭааҩцәа рзы еиҿкаан жәлар рҟазаратә маҭәахәқәа еидызкылаз апавилионқәа: акерамика, амилаҭтә ҽырԥшӡагақәа, амузыкатә инструментқәа, аҭаҭартә касқәеи рхы иахарҵо егьырҭ амаҭәахәқәеи, иара убас ашәҟәқәеи аҭаҭартә чысхкқәеи. Хазы аус ауеит абренд «Ан лчаи" («Шырлык чәе») апавилион, уа иӡырган автортә ҳаскьынтә еизгақәа ахәшәтә ҵиаақәа ирылхыз.
Аныҳәа аҳәаақәа ирҭагӡаны асасцәа аҭааит аконцерттә программа, ирбеит амилаҭтә хәмаррақәеи ақьабзқәеи. Аҭааҩцәа рзы еиҿкаан аԥышәеимдарақәа, хәыда-ԥсада ачеиџьыка.
Аныҳәаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра аизҳазыӷьаразы аныҳәаҿа аанкылан ҳажәларқәа реиҩзыреи риашьаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиаразы.