Ашәахьа, 03 Нанҳәа 2026 20:51
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи 65 ш.ихыҵра идырныҳәалеит Аԥсны Афырхаҵа, «Ахьӡ-Аԥша»аорден актәи аҩаӡара занашьоу, Ар реинрал Мираб Борис-иԥа Кьышьмариа
Атәыла анапхгара аҭааит Очамчыра ақалақь Мираб Кьышьмариа иҩны, иҭабуп ҳәа иарҳәеит шықәсы рацәалатәи иџьабаазы, Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира аҟны хәы змам илагалазы.
Икьыԥхьуп
Новости