АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахаша, 05 Нанҳәа 2026 20:01

Ахада Бадра Гәынба онлаин-аилацәажәара мҩаԥигеит 2026ш. рзы аԥсшьаратә аамҭа инақәыршәаны аҳаиртә баӷәаза Аҟәа аусуратә лҵшәақәа реихшьала аҟаҵаразы

Аилацәажәара рхы аладырхәит Аԥыза-министр Владимир Делба, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, аекономика аминистр Ҭеимураз Миқвабиа, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза Аҟәа адиректор Руслан Блиндиук. 

Авидеоконференцеимадара рхы аладырхәит Урыстәылатәи Афедерациа атранспорт Аминистр ихаҭыԥуаҩ, астатс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Зверев, иара убас Свердловсктәи, Нижегородски, Самаратәи, Омсктәи аобластқәа рхаҭарнакцәа, Ханты-Мансискттәи автономтә округ - Иугры, Башкортостан Ареспублика анапхгара рхаҭарнакцәа. 

Аилацәажәара аартуа, Аԥсны Ахада иазгәеиҭеит, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы акрызҵазкуа хҭысны ишыҟалаз Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза Аҟәа аусура аиҭашьақәыргылара. Атәылазы ари апроект астратегиатә ҵакы амоуп. Атуризм аҿиаразы, атранспорт ахархәара аизырҳаразы, Аԥсни Урыстәылеи русеицзура амҽхак арҭбааразы алшара ҿыцқәа аԥнаҵоит. 

Бадра Гәынба иазгәеиҭеит, Аԥсны аҳаиртә еимадара аусуреи атуристтә аамҭа заанаҵтәи алҵшәақәеи реихшьала аҟаҵара шауа. Шықәсык иалагӡаны аԥыррақәа ргеографиа жәаҩа хырхарҭа рҟынӡа еизҳаит. Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьоу аҳаиртә еимадара аҭоурых аҟны, асовет аамҭагьы налаҵаны, иҟоуп раԥхьаӡа акәны ихацыркыз амаршрутқәа. 

Иахьа Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза амаҵ ауеит ԥшьреиск инаркны аареиск рҟынӡа. Ари ишьақәнарӷәӷәоит аҳаиртә еимадара аусхк шаҭаху, насгьы Аԥсны аганахь ала иарԥшу азҿлымҳара шдуу.

Ахада иазгәеиҭеит, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза аусура иабзоураны, Гәылрыԥшь араион ахатә биуџьет ҩынтә ишазҳаз.

"Ас еиԥш иҟоу ахҭыс иахнарбоит ҳаамҭа иақәшәо атранспорттә инфраструктура аҿиара атәыла аекономика аизҳареи ауаажәларра рыԥсҭазаара аиӷьтәреи рзы акырӡа шаҵанакуа", - иҳәеит атәыла Ахада. 

Ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин, иара иҟаиҵаз ацхыраара иабзоураны, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза Аҟәа аиҭашьақәыргылара иазкыз апроект аусура ахьалыршахаз, Аԥсны Аҳәынҭқарра атранспорттә инфраструктура аҿиара аимпульс ҿыц ахьаиуз. 

Иара убас, Бадра Гәынба иҭабуп ҳәа изицҳаит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Актәи ихаҭыҧуаҩ Сергеи Владилен-иԥа Кириенко, еснагь иааирԥшуаз азҿлымҳаразы, иара убас иара ицхыраара иабзоураны, Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьоу аҳаиртә еимадара аҿиара ишаҿу, агеографиа амҽхак аҽшарҭбаауа, атәылазы аҭагылазаашьа ҿыцқәа шаԥнаҵо.  

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков иазгәеиҭеит, Урыстәылеи Аԥсни рзеиԥш проектқәа инарылукаартә ишыҟоу аҳаиртә еимадара аҿиара. Иара иажәақәа рыла, амаршрутқәа рымҽхак арҭбаара, аекономикатә, атуристтә, агәыманитартә еимадарақәа рырӷәгәара акыр иацхраауеит, иара убас аԥхьаҟатәи аусеицуразы аҭагылазаашьа бзиақәа аԥнаҵоит. 

Урыстәылатәи Афедерациа атранспорт Аминистр ихаҭыԥуаҩ, астатс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Зверев инаҵшьны иазгәеиҭеит, Урыстәыла атранспорт Аминистрра иахәҭоу ацхыраара шыҟанаҵо Аҧсны аҳаиртә еимадара аҿиаразы. Иара иазгәеиҭеит апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара шеизҳауа, амаршрут ҿыцқәа рҭахра шазгәаҭо, агәыӷра ааирԥшит аԥхьаҟагьы Аԥсни Урыстәылатәи арегионқәеи рыбжьара аҳаиртә еимадара аҿиара шалыршахо.

Read 17 times Last modified on Ахаша, 05 Нанҳәа 2026 23:03