АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ашәахьа, 10 Нанҳәа 2026 21:20

Аԥсны Ахада аилатәара мҩаԥигеит абылтәы аҭагылазаашьазы

Аилатәара иалахәын аԥыза-министр Владимир Делба, аԥыза-министр ихаҭыҧуаҩ Џьансыхә Нанба, афымцамчы аминистр Баҭал Мышәба.

Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны атәылауаа иҭабуп ҳәа реиҳәеит иаадырԥшуа аилкааразы, даҽазныкгьы инаҵшьны иҳәеит, атәыла анапхгара ирылшо зегьы шыҟарҵо ари азҵаара аӡбаразы. 

Убри аан, аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, ари аҭагылазаашьа аполитика алхра шҵаҵӷәыдоу, атәылауаа уи зыхҟьаз амзыз шеилыркаауа.

Ахада адҵа ҟаиҵеит аҭагылазаашьа ҭышәынтәалаанӡа былтәыла еиқәыршәазарц ашәарҭадаратә маҵзура, ахәышәтәырҭатә хыбрақәа, иара убас асоциалтәи акоммуналтәи маҵзурақәа.

Read 13 times Last modified on Ашәахьа, 10 Нанҳәа 2026 21:46