Аԥсны Ахада Бадра Гәнба иҟаиҵаз адҵа инақәыршәаны Очамчыратәи ашкол-интернати Цандрыԥшьтәи алицеии рҿы аҵара шықәсҿыц азы иаартхоит аԥсуа бызшәеи алитературеи ркабинетқәа. Абри атәы лҳәеит аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа Аԥсны Ахада Бадра Гәынбеи лареи реиԥылараҿы.