АХАДА ИАДМИНИСТРАЦИА АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Асабша, 20 Рашәара 2026 00:37

Бигәаа Беслан «Ахәыҷтәы фестиваль ду абжьныҩра» жәларбжьаратәи апрограмма азырхиаразы аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит

  ▫️ "Ахәыҷтәы фестиваль ду абжьныҩра" Аԥсны имҩаԥысуеит ԥхынгәымза  6-10 рзы Урыстәыла жәлар рартист Сергеи Безруков инапхгарала. Афестиваль жәларбжьаратәи апрограммаҟны иҟоуп иреиӷьу атеатртә қәыргыламҭақәа, акинорбарақәа, арҿиаратә лабораториақәа.

▫️ Аиԥылараҟны ирылацәажәан зымҽхак ҭбаау апроект аҽазыҟаҵареи амҩаԥгареи ирзырхоу аиҿкааратә зҵаарақәа ркомплекс.

▫️  «Ари аҵакы змоу хҭысуп изызҳауа абиԥаразы. Ҳара хықәкы хадас иҳамоу афестиваль аиҿкааратә ҩаӡара ҳаракны имҩаԥысыртә, ҳхәыҷқәа ирхамышҭуа ргәаҿы инхартә еиԥш аҟаҵароуп», — ҳәа азгәеиҭеит Бигәаа Беслан.

 ▫️ Аилацәажәара аихшьалақәа рыла Ахада Ихаҭыԥуаҩ изыхәҭоу аусбарҭақәа аусмҩаԥгатә аҽазыҟаҵаразы анапынҵақәа риҭеит.

 ▫️ Ахәыҷтәы фестиваль ду — 2018 шықәса раахыс Урыстәылатәи Афедерациа жәлар рартист Сергеи Безруков иаԥшьгарала имҩаԥысуа зымҽхак ҭбаау культуратә проектуп. Апроект хықәкы хадас иамоуп ахәыҷқәеи ахбыџқәеи раудиториа атеатртә, акинематографиатә, анимациатә, алитературатә ҟазараҟны иҟоу иреиӷьу аихьӡарақәа дырдырра.

Read 24 times Last modified on Асабша, 20 Рашәара 2026 00:48
aps25