АХАДА ИАДМИНИСТРАЦИА АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Амҽыша, 21 Рашәара 2026 13:42

Бигәаа Беслан Аԥсны иҟоу урыстәылатәи Абжьаҟазаҩ Имш азы адныҳәалара ҟаиҵеит

 Акыр иаԥсоу аҩызцәа!

Иахьа ҳара иазгәаҳҭоит аҵак ҷыда змоу арыцхә - Аԥсны иҟоу урыстәылатәи Абжьаҟазаҩ Имш.

Аԥсны жәлар рзы ари баша гәалашәаратә мшым. Ари ҳҭоурых аҟны акыр иуадаҩыз аамҭақәа руак азы ҳадгьыл аҿы ауаҩы ибзиабара аарԥшны аҭакԥхықәра зцу амиссиа назыгӡоз — аҭынчра еиқәзырхоз, ауаа ршәарҭадара зыхьчоз, аҭынч ԥсҭазаареи атәыла аиҭашьақәыргылареи рзы аҭагылазаашьақәа раԥҵара иацхраауаз ҳаҭыр дула ҳшырзыҟоу, еиҭа аџьшьара рыҭара ҳшазхиоу атәы анаҳҳәо мшуп.

Урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа аҭышәынтәалара аиқәырхара рхы иадҵаны, иҟалар зуаз арыцҳара ҿыцқәеи ауаҩытәыҩсатә ԥсыҭбарақәеи раԥырҟәҟәаара иацхрааит. Урҭ инарыгӡоз рмаҵзура иаҭахын агәымшәара, ахачҳара, изҵалаз ауалԥшьа ҳаракы қәҿиарала анагӡара.

Иахьа иҭабуп ҳәа раҳәо, иаҳгәалаҳаршәоит Аԥсны абжьаҟазаратә мчқәа ирылахәны арра маҵзура иахысуаз урыстәылатәи аруаа зегьы. Урҭ рфырхаҵара наунагӡа ҳгәалашәараҿы иаанхоит.  

Иҭахаз рҭаацәарақәеи рҭынхацәеи гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа раҳәо, урҭ ргәалашәара лаша аҿаԥхьа ҳхырхәоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ахә ҳаракны иршьоит ҳадгьыл аҿы аҭынчреи ашәарҭадареи реиқәырхараҿы Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵаз ацхыраара. Абжьаҟазаратә миссиа, ламысцқьала, хацәынмырха аҭынчра аус амаҵ азызуаз ауаа ргәалашәара ҳзеиԥш ҭоурых ианылеит акрызҵазкуа аамҭақәа ируакны.

Иҭахаз хашҭра рықәӡам. Рҿаԥхьа ҳхырхәоит абжьаҟазаратә мчқәа рветеранцәа. Иҟазааит наунагӡа ҳажәларқәа рыҩныҵҟа аҭынчра, ахирра, аизҳазыӷьара.

 

Read 29 times
aps25