Уи диԥылеит Аԥсны Ахада Гәынба Бадреи аԥснытәи аделегациа алахәцәеи.
Астенд агәаҭараан аҳәынҭқарра Ахада Михаил Мишустин изеиҭеиҳәеит ареспублика асоциал-економикатә ҿиара арбага хадақәа ртәы. Гәынба Бадра инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵо ацхыраара аҵак ду шамоу, иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсны ганрацәала иарҭо адгыларазы.
Ҷыдала, аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит шықәсык аԥхьа мҽхакы ҭбаала аиҭашьақәыргылара ашьҭахь иаартыз Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» иамоу аҵак ду. Ари аамҭа кьаҿк иалагӡаны аҳауатә транспорт ала ииагоуп 120 нызқьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа, уи ареспублика аекономикатә ҿиараҟны акрызҵазкуа факторуп.
Иара убас аекономика аминистр Амқәаб Ҭемраз Аԥсны ҳаамҭазтәи ашьхашәҩатә курорт аԥҵаразы аинвестициатә проект цәырганы идирбеит.
Ҷыдала, Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы Михаил Мишустин ареспубликаҿы имҩаԥысуа аиҭакрақәа ахәшьара бзиа риҭеит.