АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аԥшьаша, 30 Мшаҧы 2026 22:15

Аԥсны Ахада Гәынба Бадра Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика даҭааит

Кавказтәи аинвестициатә форум — 2026 аусмҩаԥгатәқәа ирылахәыз Аԥсны Ахада Гәынба Бадра иахьа Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика даҭааит.

Атәыла Ахада Нальчик Аԥсны Ашҭаҿы хатәгәаԥхарала еибашьуаз рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаиҵеит, хатәгәаԥхаралатәи аиҿкаара аветеранцәа дырԥылеит.

Гәынба Бадра иазгәеиҭеит Аԥсны жәлар ишырхамышҭуа Нхыҵ-Кавказтәи ҳашьцәа, Ҟабарда-Балкариа ахаҭарнакцәагьы убрахь иналаҵаны, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҟарҵаз ацхыраара.

 Гәынба Бадра иазгәеиҭеит ашәышықәсақәа ирылсны ицо ихымбгало аиашьара иааиуа абиԥарақәа ишрымадахо, уи есааира аҽшарӷәӷәало. 

Иара убас иахьа аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи аԥснытәи аделегациа ахаҭарнакцәеи ҳаҭырла дыргәаладыршәеит хьӡи-ԥшеи згым ар рԥыза, Аԥсны Афырхаҵа, Аԥсны атәылахьчара ԥасатәи аминистр, аинрал-леитенант Сулҭан Сосналиев, иԥсыжырҭаҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Read 42 times
aps25