АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Асабша, 02 Лаҵара 2026 18:39

Аҧсны арбџьбарымчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада, Аҳәынҭқарра Ахада  Бадра Гәынба ихы алаирҳәит Сергеи Дбар диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазкыз аилатәара

Бадра Гәынба иқәгылараҿы иҳәеит:

«Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа, ауаажәлар, Сергеи Платон -иԥа иҭаацәа! 

Ҳхырхәоит, абиԥарақәа рзы иҿырԥшыгахаз Сергеи Платон- иԥа игәалашәара аҿаԥхьа. Ақыҭа Мгәыӡырхәа ииз, Аԥсны аҵеира иаԥсахаз, аинрал- леитенант, ар рԥыза Ду, иахьа ижәлар дрылагылазтгьы, ихыҵуан ԥшьынҩажәа шықәса.Ҭоурыхла, аԥсуа хылҵшьҭрақәа еснагь ирылиаауан зыԥсҭазаара зегьы зыжәлари зыԥсадгьыли ирзызкуаз адауаԥшьқәа. 

Урҭ рхыԥхьаӡара хаирҭәааит афырхаҵа Сергеи Дбар. 

Дызнысыз амҩа ҳазхьаԥшуазар – ибзианы иаҳбоит уи гәымшәарыла ишеибарку.  Аԥышәа дузмаз асовет Ар афицар инысымҩа беиоуп: Кавказ, Баикал, Германиа, Венгриа, Ефиопиа арратә абжьгаҩ, Бакәытәи акомандатә училишье,анаҩс Фрунзе ихьӡзху арратә академиа. Ԥсыцқьала иуалԥшьа ахьынаигӡоз азы изныкымкуа ианаршьахьан иреиҳау асовттә медалқәеи аорденқәеи.  

Сергеи Дбар иԥсадгьыл данаҭахха уи ахьчаразы деибыҭан ԥышәалеи, дырралеи. Дазхиан аҭакԥхықәра ихахьы агара, ар раԥхьа агылара. Аԥсны аибашьра иалагаанӡа Сергеи Платон-иԥа еиду Аҟәатәи акомиссариат дахагылеит.  

Аԥсны Ар руасхыр ашьҭаҵара далахәын. Иуадаҩыз адҵа наигӡон, аҩныҵҟатәи арбџьарымчқәа рполк ашьақәгылара знапы ианыз дыруаӡәкын.  

 Ақырҭқәа бџьарла еиқәных Аԥсны ианақәла, Аԥсуаа рԥыза Владислав Арӡынба аӷьараҳәа дивагылеит. Згәы мыҭрысыз аруаҩ Сергеи Дбар идын иуадаҩыз ахырхарҭақәа. Раԥхьа аҳҭнықалақь ахьчара, анаҩс Гәымсҭатәи афронт. Аԥсуа еибашьцәа агәыӷраду рызҭаз раԥхьатәи аиааира - Гагра ахы ақәиҭтәраан иара хаҭала илиршаз даараӡа ирацәоуп. 

Ари аоперациаҿы ауп раԥхьаӡагьы ар рԥыза иаҳасабала данышьақәгылаз, аибашьцәа иаҳаҭыр ҳаракны ирбо ианалага.

Ихьанҭаз аамҭақәа рзы, Сергеи Платон - иԥа акала дхьаҵуамызт, аҭагылазаашьа даӡражәуан, иаҳагьы дыӷәӷәахон. Ианартәи, Марттәи иманшәаламхаз ажәыларақәа рышьҭахь, ҩаԥхьа абџьар шьҭыхны, аиааира азықәԥара ус имариамызт. Сергеи Дбар аибашьцәа рҭахара ихатә трагедиа еиԥш ишидикылозгьы, арҭ амшқәа рзы агәкаҳара ааирԥшӡомызт. Ԥсыуаҵас, ахаҵа ичҳара иман. Ирԥарцәа - абашьцәа рзы дбаагәаран, ииҳәоз иазыӡырҩуан. Дыздыруаз иазгәарҭоит, ир драԥхьагыланы ажәылара ацара шилшоз. Игәымшәара ҿырԥшыган! 

Аиааира мызқәак шагыз, Сергеи Дбар Аԥснытәи Арбџьарымчқәа рыштаб хада еиҳабыс дҟалоит. Владислав Арӡынба инапхгарала, Сергеи Платон-иԥеи, Султан Асланбек -иҧеи дызлахәыз сентиабртәи ажәыларатә операциа аҽазыҟаҵара иалагоит. Ари ихадаз етапын Аиааиразы. Абри аус аҿы, дырҩегь ибзианы иааԥшит Сергеи Дбар ар рԥыза иҟазшьақәа, ибаҩхатәра, истратегиатә хәыцшьа. 

Аԥсны аҳҭнықалақь ахы иақәиҭызтәуаз Гумысҭатәи афронт арымаратәи аган дрылагылан Сергеи Дбар. Еиԥҟьарада ахысрақәа шцозгьы, хышьҭыхшьа шыҟамызгьы, аибашьцәа раԥхьа дгыланы дцон аԥсуа фырхаҵа. 

Хаҭалатәи агәымшәарыла аҿырԥштәы риҭон иҩызцәа. Аҟәа анҭадырцәы ашьҭахь- архивтә кадрқәа рҿы иубоит заҟа дааԥсаны дыҟоу, лацәааихьш шыҟаимҵац,аха адунеи азна насыԥ шимоу. 

Аҟәа ахақәиҭтәразы Сергеи Дбар ианашьоуп, иреиҳаӡоу ахьӡ ҳаракы – Аԥсны Афырхаҵа. 

Аибашьра ашьҭахь Сергеи Платон-иԥа аԥсшьара дамыҳәаӡеит. Дазыхынҳәит арра ус, Жәлар реизара депутатс дыҟан, анаҩс аветеранцәа еидызкылоз аиҿкаара «Амцахара» дахагылан. 

Дахьыҟазаалакгьы еснагь ижәлар рыгәҭа дгылан, рыгәҭыха игәҭыхан, ихәыцрақәа зегь уи иазкын. Иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь ианаишьеит «Ахьӡ-аԥша аорден» актәи аҩаӡара. 

Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!

Аԥсны Афырхаҵа  Сергеи Платон- иԥа Дбар иԥсадгьыл азы дгәадуроуп, ҳара зегь ҳзы дфырхаҵоуп. Имииц абиԥарақәа рзы дҿырԥшыгоуп, дықәԥаҩу! Рушьбеи Смыр ишииҩуаз еиԥш «Абаашқәа ирҩызоу ахацәа, имииц аҵеицәа рыхьчоит». Абааш иаҩызоу Сергеи Дбар, ихьӡ-иԥша ахаанкашәара ақәымзааит!»

Read 39 times Last modified on Асабша, 16 Лаҵара 2026 00:09
aps25