АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 08 Лаҵара 2026 18:48

Урыстәыла Ахада Владимир Путин Аԥсны Ахада Гәынба Бадра Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 81 шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит

"Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа,

Гәык-ԥсыка ала ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира 81 шықәса ахыҵра амш.

Аиааира Амш – анацисттә мпыҵахалаҩцәа ԥыххааса иқәызҵаз, зыдгьыл гәакьа ахақәиҭтәра алзыршаз ҳажәларқәа зеиԥш ҟамло рфырхаҵареи реидгылареи ирсимволу иԥшьоу ныҳәоуп.

Сара агәра згоит аибашьра адәаҿы иӡрыжәу аиҩызареи аицхыраареи рытрадициа шьахәқәа аринахысгьы Урыстәылеи Аԥсни реидгыларатә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы уасхыр ӷәӷәаны, ҳхәыҷқәеи ҳмаҭацәеи рзы имҩақәҵаганы ишыҟало.

Аҳәара ҟасҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра иқәынхо аветеранцәа сыхьӡала иҭабуп ҳәа раҳәаразы, агәабзиара, ахирра, ақәранҵыра ду рзеиӷьасшьоит».

Read 38 times
aps25