АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Асабша, 09 Лаҵара 2026 00:08

Алада Уаԥстәыла Ареспублика Ахада Алан Гаглоев Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира 81 шықәса ахыҵра амш идиныҳәалеит

«Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит аныҳәа ду – Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира Амш.

 

Ари амш наунагӡа ҳгәалашәараҿы иаанхоит асовет жәлар ргәымшәареи, рхачҳареи, хәы змаӡам рфырхаҵареи ирсимволны. 

 

1945 шықәса лаҵарамза 9 ауаатәыҩса рҭоурых аҿы зегь раасҭа ишьаарҵәыраз аибашьра хыркәшара, афашизм аиааира, аҭынчра ашьақәыргылара иазҳәоуп. 

 

Ари аныҳәамш аҽны ҳхырхәоит ҳԥеиԥш лаша зыԥсҭазаара ахҭнызҵаз, зфырхаҵареи зџьабааи рыла Аиааира зчаԥоз ргәалашәара аҿаԥхьа. Ҳара ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит афырхацәа, згәымшәареи зхамеигӡареи ирыбзоураны ҳхы ҳақәиҭны анхара алзыршаз.

 

Аиааира амш – баша ҭоурыхтә рыцхәӡам, уи азеиԥш аӷа иҿаԥхьа ҳажәларқәа рхьамҵреи реидгылареи ирсимволуп. Иахьагьы, аԥышәара ду ҳанҭагылаз ашықәсқәа раан еиԥш, ҳаибашьцәа рыжәҩахыр еибыҭаны, иҷыдоу арратә операциаҟны аҭагылазаашьа шыуадаҩугьы, аиашареи, ашәарҭадареи, рхы иақәиҭны аҿиаразы азини рзы ақәԥараҿы аидгылара аадырԥшуеит.

 

Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа, аҵак ду змоу абри амш азы Шәаргьы, напхгара зышәҭо ҳаиашьаратә Аԥсны жәлар зегьи ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра, аизҳазыӷьара, аҭынчра.»

Read 20 times
aps25