АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Амҽыша, 07 Рашәара 2026 17:02

Ахада Аԥсны мрагыларатәи араионқәа рҿы ақәаршҩқәа рыхҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра азҵааразы аилацәажәара мҩаԥигеит

 

▫️ Аилацәажәара иалахәын Аԥыза-министр Делба Владимир, шьаҭанкылатәи аргылара Аусбарҭа аиҳабы Гамсаниа Демир, амшцәгьа еиҳа ааха знаҭаз Тҟәарчал араион Ахада Каҷараа Герман.

 

▫️ Тҟәарчал араион ахада Аҳәынҭқарра ахада изеиҭеиҳәеит араион аҿы амшцәгьа ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра шымҩаԥысуа. Иара иажәақәа рыла, еиҳа ааха зауз ақыҭақәа руааԥсыра ԥынгылада рыҩнқәа рҟынӡа инеир рылшоит, амҩақәа еиҭашьақәыргылоуп, аамҭалатәи ацҳатә конструкциақәа шьақәыргылоуп. 

 

▫️ Каҷараа ҷыдала дахцәажәеит Тҟәарчал ақалақь ауааԥсыра аӡыржәтә ала реиқәыршәара апроблема.

 

▫ ️ "Ақәа ӷәӷәақәа рышьҭахь аӡы хәашьхоит, ахархәаразы ихәарҭам. Убри инадҳәаланы еиҿкаан агуманитартә цхыраара, уи иалахәын араион ауааԥсыра аӡәырҩы", - ҳәа азгәеиҭеит Каҷараа.

 

▫️ Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит аӡыржәтә аҭагылазаашьа макьанагьы ишыуадаҩу, аԥхьаҟагьы аус адулара шаҭаху.

 

▫️ «Главное сегодня — обеспечить людям возможность добираться до своих домов и дворов. Хочу выразить особую благодарность всем, кто оказывает помощь нашему району в преодолении последствий стихии», — сказал глава района.

 

▫️ Начальник Управления капитального строительства Демир Гамисония доложил о результатах работы по восстановлению объектов инфраструктуры, пострадавших в результате стихии.

"Иахьа ихадароу ауаа рыҩнқәеи рашҭақәеи рҟынӡа анеиразы алшара рыҭара ауп. Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп амшцәгьа ахҟьа-ԥҟьақәа риааираҿы ҳраион ацхыраара азҭо зегьы», — иҳәеит араион ахада.

▫️ Шьаҭанкылатәи аргылара аусбарҭа аиҳабы Гамсаниа Демир далацәажәеит амшцәгьа иахҟьаны аԥхасҭа зауз аинфраструктура аобиектқәа реиҭашьақәыргыларазы аусура алҵшәақәа ртәы.

▫️ Уи иажәақәа рыла, аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы акомиссиа аусура аихшьалақәа инарықәыршәаны еиҭашьақәыргылоуп аԥхасҭа зауыз аҭыԥқәа 16, иара убас аиланхарҭақәа рахь анеирҭатә мҩақәа зегьы.

▫ ️ "Анардакылатә еиҿкаарақәа ртехника адыԥхьаланы имҩаԥгаз аусурақәа хыркәшоуп. Аусмҩаԥгатәқәа рыхәҭак хыркәшахоит аӡы аҩаӡара аҵыхәтәантәи алаҟәра ашьҭахь мчыбжьык аҩныҵҟа", - ҳәа адырра ҟаиҵеит Гамсаниа.

 

▫️ Иара иазгәеиҭеит хара имгакәа ишазԥхьагәаҭоу Аалӡга аӡиас аҿы аусурақәа рхацыркра, усҟан егьырҭ аӡиас маҷқәа рҿы иахәҭоу аусмҩаԥгатәқәа шхыркәшоу.

 

▫️ Шьаҭанкылатәи аргылара аусбарҭа аиҳабы еиҳа аԥхасҭа зауыз аобиектқәа рыҩныҵҟа ареспубликатә мҩаҿы Аалӡга аӡиас иху ацҳа аликааит.

 

▫️ «Уи аиҭашьақәыргыларазы мҽхакы ҭбаала аусурақәа рымҩаԥгара аҭаххоит. Иахьатәи аамҭазы аспециалистцәа аконсультациақәа мҩаԥыргоит, аҭагылазаашьа ҭырҵаауеит. Аҭҵаарақәа рышьҭахь аусмҩаԥгатәқәа рзы ауснагӡа азырхиахоит, хазы ажәахәқәагьы ҟаҵахоит», — иазгәеиҭеит иара.

 

▫️ Гамсаниа иажәақәа рыла, ареспубликатә мҩа ахәҭа аҿыӡәӡәааразы ашәарҭара иҭагылоуп, хырԥашьа амамкәа аҭагылазаашьа арҽеира нап арктәуп. Ацҳақәа руак хырбгалоуп, аиҭашьақәыргыларагьы алшаӡом. Убри инамаданы ацҳа ҿыц аргылара апроект азырхиаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.

 

▫️ Ҵарча ақыҭан иазгәаҭоуп ацҳа ашьаҟақәа ҩба рылаҟәра, Аҟармара аҳаблан уи еилаҳаит. Иахьатәи аамҭазы изыхәҭоу амаҵзурақәа иарбоу аобиектқәа реиҭашьақәыргылара авариантқәа ирыхәаԥшуеит.

 

▫️ Аԥыза-министр Владимир Делба иазгәеиҭеит амшцәгьақәа рышьҭахь ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ҷыда ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы аусмҩаԥгатәқәа иааиԥмырҟьаӡакәа ишымҩаԥысуа.

 

▫ ️ "Аусурақәа мышкгьы иаанкыламызт. Аԥхасҭа ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инашьҭын иҟоу атехника ҷыда аӷьырак», — иҳәеит аԥыза-министр.

 

▫️ Иара иҳәеит ацҳақәеи, анеирҭатә мҩақәеи, егьырҭ аинфраструктура аобиектқәеи   реиҭашьақәыргыларазы аусурақәа шымҩаԥысуа.

 

▫ ️ "Аҭагылазаашьа ҷыдақәеи аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа раԥыхреи рзы акомиссиа иаиуз аԥхасҭазы иеизаку аинформациа иазыԥшуп. Иахәҭоу адыррақәеи анализ рзуреи рышьҭахь аӡбамҭақәа рыдкылахоит, аԥхасҭа зауыз аобиектқәеи аҵакырақәеи реиҭашьақәыргыларазы аусмҩаԥгатәқәа финансла реиқәыршәарагьы уахь иналаҵаны», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Делба.

 

▫️ Аилацәажәара аихшьаалақәа ҟаҵо, Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра иазгәеиҭеит араион ахадара, акапиталтә ргылара Аусбарҭа, изыхәҭоу амаҵзурақәа, амшцәгьа ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхраҿы ацхыраара ҟазҵо ахатәы еилахәырақәа уҳәа, рҳәоу еиқәшәаны русура.

Read 12 times Last modified on Амҽыша, 07 Рашәара 2026 19:03
aps25