▫️ Атәыла ахада иазгәеиҭеит Аԥсны жәлар ишырхамышҭуа, ахә ҳаракны ишыршьо Никарагуа анапхгара Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵаразы хьаҳәхьачарада иҟарҵаз аҭоурыхтә шьаҿа.
▫️ Гәынба Бадра инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны Ареспубликеи Никарагуеи ганрацәала русеицура арҿиара. Ҷыдала, аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит аҵараиуреи, акультуреи, аспорти реиԥш иҟоу ахырхарҭақәа рыла аусеицура амҽхак арҭбаара ишазхиоу.
▫ ️ "Ҳаамҭазтәи акоммуникациақәеи атехнологиа ҿыцқәеи ршәышықәсазы аицәыхарара активла аусеицуразы ԥынгылас изыҟалом", - иҳәеит Бадра Гәынба.
▫️ Атәыла ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Никарагуеи рзеиԥш дгылаҩ, астратегиатә партниорс ишыҟоу Урыстәылатәи Афедерациа. Гәынба Бадра иазгәеиҭеит Аԥсназы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны ахьыԥшымра азхазҵаз аҳәынҭқаррақәа зегьи аус рыцура аҵак ду шамоу.
▫️ Аҳәынҭқарра ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа шаиҭаз Аԥсны ахьыԥшымра азхазҵаз атәылақәа аус рыдулара арӷәӷәаразы.
▫️ Гәынба Бадра Ареспублика Никарагуа аицхадацәа Даниель Ортегеи Росарио Мурильои, иара убас Алауреано Ортега Мурильои дара ианырзыманшәалоу аамҭазы Аԥсны иаҭаарц ааԥхьара риҭеит.
▫️ Алауреано Ортега Иакәзар Гәынба Бадра иҭабуп ҳәа иеиҳәеит аиԥылара амҩаԥгара ахьилшаз азы, иагьышьақәирӷәӷәеит Никарагуеи Аԥсни русеицура арҿиара дшазхиоу. Иара иазгәеиҭеит Никарагуа иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ активла аус ицура, иҵоуроу ҿырԥштәык аҳасабала иаликааит Никарагуа ахаҭарнак Аԥсны имҩаԥысыз авокалтә фестиваль иалахәхара.
▫️ Лауреано Ортега Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Никарагуа аҭааразы ааԥхьара ииҭеит Асандинисттә револиуциа ашықәса ахыҵра азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы.