Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аделегациа атәыла иаҭааит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра 20 ш. ахыҵра иазку аныҳәтә усмҩаԥгатәқәа рхы рыладырхәырц.
Аиԥылара иалахәын Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.
Ахада иазгәеиҭеит, ҩ-тәылак рминистррақәа реимадара еснагь аҳаҭыреиқәҵара шацыз. Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусура еиҳа иуадаҩу аамҭақәа рзы ауаа ишырныԥшуа, иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа аҟны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рааан ауаажәларра ацхыраара рыҭара аус аҟны асистема зегьы иреиӷьны аус шауа.
Гәынба Бадра Алеқсандр Куренков иҭабуп ҳәа иеиҳәеит хаҭала иааразы акыр дшеилахоугьы, иагьазгәеиҭеит, аминистррақәа реимадара аҿиара аус ауаажәларра рзы ишхәарҭоу аусура амҩаԥгара шалнаршо.
Аусеицура азҵаара дазааҭгыло, Ахада иазгәеиҭеит, иаҳхыссыз ашықәс азы Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра УА АҶА Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазаҟны ишааз ачымазцәа хырԥашьа змам ахәышәтәра зҭахыз ралгаразы, уи азы иҭабуп ҳәагьы иеиҳәеит.
Алеқсандр Кәренков аԥхарра зҵаз аиԥылара иҭабуп ахиҳәааит, иазгәеиҭеит Аԥсны зкультура ҳараку асасдкылара шныҟәнаго, аҳҭнықалақь ауааԥсыра иазгәарҭараны иҟоу Аҟәа ақалақь амш рыдиныҳәалеит.
Инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра анаԥҵаха амш инаркны аусеицура шрыбжьоу, ҷыдала аусеицура аҿиара ишалагаз 2010 ш. рзы, аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра анрыбжьаҵаха анаҩс.
Алеқсандр Куренков иазгәеиҭеит, ишьақәыргылоу аинформациатә еимадара алшара шыҟанаҵо аусмҩаԥгатәқәа реиҿкааразы иҟалар зуа ахҭысқәа реиҵатәразы иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара шалнаршо, иара убас ирццакны ахҭысқәа рықәҿыҭрагьы.
Азеиԥш усеицураҟны аҵак ду змоу зҵаараны иазгәеиҭеит аусбарҭақәа атехникатә маҭәахәқәа рыла реиқәыршәара. Атехникатә цхыраара иазку аусмҩаԥгатәқәа аганахь ала Аԥсны ахьчаратә усбарҭа инарыгӡахьеит, убри аан аԥхьаҟа иазгәаҭоуп ари аус ацҵара.
Алеқсандр Куренков хазы иазгәеиҭеит Урытәылатәи Афедерациа ҳаҭырла ишазыҟоу Аԥсны адгьылҵакыраҟны Урыстәыла атәылауаа ацхыраара рыҭара, иара убас ахә ҳаракны ишьеит Урыстәыла арегионқәа рыҟны ауааԥсыра ацхыраара ахьрырҭо.
Уи иҳәеит Урыстәыла Аҭагылазаашь ҷыдақәа рзы аминистрра еснагь ишазхио Аԥсны ацхыраара аҭара.
Ахада иҳәеит шықәсқәак раԥхьа Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра ирццакны имҩаԥыргаз ацхыраарала абнатә былрақәа шырцәаз.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Аԥсны Аҭагылазаашька ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа илагала аусбарҭа ашьақәыргылараҟны, иара убас акыршықәсалатәи иусуразы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит.