АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Амҽыша, 05 Ԥхынгәы 2026 11:45

Ахада Ахбиук ашьхаҿы абаталион «Горец» аҟнытә иҭахаз аибашьцәа ҳаҭырла игәалаиршәеит

 

 

▪️ Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан, Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша, аветеранцәа, аррамаҵзурауаа, иҭахаз ранацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

 

▪️ Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҟны инаҵшьны иазгәеиҭеит зҭоурых зхашҭуа ажәлар ԥхьаҟатәи аԥеиԥш шрымам, иҳәеит зықьҩыла Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рыдгьыл гәакьа ахақәиҭразы рхы шақәырҵаз, ргәымшәареи, рыԥсадгьыл гәык-ԥсыкала абзиабареи, уи аԥеиԥш агәрагареи атәыла иахьатәи амш ҳамҭас ишарҭаз.

 

 ▪️ Гәынба Бадра иазгәеиҭеит еиҳа иуадаҩыз аҭоурыхтә аамҭақәа раан аԥсуа жәлар еснагь ишаадырԥшуаз акзаара, аидгылара, жәҩахыр еибыҭарала ишгылоз — убас акәын аибашьра ашықәсқәа раангьы.

 

▪️ Аветеранцәа рахь ихы нарханы аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит рфырхаҵареи ргәымшәареи хашҭра шрықәым, иазгәеиҭеит иахьагьы атәыла аизҳазыӷьаразы хазы ишгылам, ирылшо шыҟарҵо ишацырҵо.

 

▪️ Ахыркәшамҭазы аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Ахбиук ашьха иԥшьоу ҭыԥны ишыҟоу, абиԥара ҿа ишыруалу ара иҟарҵаз афырхаҵара ҳаҭыр ақәҵара, аԥсадгьыл аҭоурых адырра, аиқәырхара.

Read 18 times
aps25