Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьоу астратегиатәи аусеицуратәи еизыҟазаашьақәа убри аан иазгәеиҭеит урыстәылатәи арегионқәеи Аԥсни русеицура иамоу аҵак ҷыда.
Аҳәынҭқарра Ахада Самаратәи аобласт анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит зхыркәшарахь инеиуа Гәдоуҭатәи аԥшаҳәа аиҭашьақәыргыларазы, инагӡоу апроектқәа ахааназы аҭоурых аҟны иаанхо лагаланы ишыҟоу.
Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, иахьа Аԥсны қәҿиарала аҿиара иаҿуп, лыҵшәа бзиала аусеицуразы алшара дуқәа шамоу.
Витали Шабалатов Самаратәи аобласт Агубернатор Виачеслав Федоришьев ихьӡала Ахада асалам ииҭеит, иагьшьақәирӷәӷәеит аԥхьаҟагьы аусеицура ишазыхиоу.
Иара убас иазгәаҭан аԥхьаҟа ҩ-ганктәи аусеицура амҽхак арҭбааразы ауснагӡатәқәа.