.
"Ҳаҭыр
зқәу аҳкәажә Родригес!
Аԥсны Аҳәынҭқарра
ажәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит амилаҭтә ныҳәа - Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ахьыԥшымра амш.
Ԥхынгәымза 5
Венесуела аҭоурых аҿы ажәлар ирылоу агәымшәареи, ахачҳареи, ахақәиҭреи, ахьыԥшымреи, асуверентә ҿиареи хьаҳәа-хьачарада азықәԥара ишазхиоу символра азызуа иҷыдоу рыцхәуп. Еицакра змам арҭ аҵасқәа аҳәынҭқарреи амилаҭтә акзаареи шьаҭас ирымоу ауп.
Аԥсны Аҳәынҭқарреи
Боливариантәи Ареспублика Венесуелеи реимадара шьаҭас иамоуп аиҩызареи, аҳаҭыреиқәҵареи, агәреибагареи.
Ҳазҭагылоу аамҭазы Венесуела зықьҩыла ауаа ахьааи харҭәаашьа змам ацәыӡқәеи рзаазгаз ихырҵәагоу адгьылҵысра иахҟьаз аԥышәара хьанҭақәа ирхысуеит.
Аԥсны жәлар хьааны ирыдыркылеит Венесуела аиҩызаратә жәлар зыниаз арыцҳара. Агәра ганы сыҟоуп ахачҳареи аидгылареи ирыбзоураны венесуелатәи ажәлар ишрылшо ари атрагедиа ахҟьа-ԥҟьақәа риааира, аԥсҭазаара аиҭашьақәыргылара.
Ҳаҭыр
зқәу аҳкәажә Родригес, ишәзеиӷьасшьоит, агәабзиара, ачҳара, аҭакԥхықәра зцу аҳәынҭқарратә усураҿы ақәҿиарақәа, Боливариантәи Ареспублика Венесуела ажәлар зегьы — аҭынчра, аманшәалара, аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа иаарласны риааира, аҭышәынтәалареи аизҳазыӷьареи».