АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ашәахьа, 06 Ԥхынгәы 2026 17:10

Гәынба Бадра Гәдоуҭа зхыркәшарахь инеиуа амшын аԥшаҳәа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаԥысуа гәеиҭеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Гәдоуҭа зхыркәшарахь инеиуа амшын аԥшаҳәа  аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаԥысуа гәеиҭеит.

 

  ▫️ Аҳәынҭқарра Ахада ицын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслани Самаратәи аобласт агубернатор актәи ихаҭыԥуаҩ, Аиҳабыра ахантәаҩы Витали Шабалатов.

▫️ Имҩаԥгаз аусура атәы Аҳәынҭқарра Ахада изеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион ахада Асҭамыр Аргәын.

Уи иажәақәа рыла, аобиект аҿы ишьҭаҵоуп 650 метра ашьаҟамҩатә хаҳәҟьаԥс, иқәыргылоуп асқам ҿыцқәа, ашьаҟақәа, алашаратә приборқәа.

Иара убас аԥшаҳәаҿы иргылоуп амфитеатрқәа ҩба, аспорттә, ахәыҷтәы шҭақәа, адгьылҵакыра ариаҵәаразы мҽхакы ҭбаала аусурақәа мҩаԥгоуп, иара убас иазԥхьагәаҭоуп асқьала аиҭашьақәыргылара.

▫️ Гәынба Бадра иазгәеиҭеит Гәдоуҭа атәыла иахьатәи аҭоурых аҿы иааннакыло аҭыԥ ҷыда. Атәыла ахада игәалаиршәеит 1992-1993 шш. Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан ақалақь-фырхаҵа ареспублика аҳҭнықалақь афункциақәа шынанагӡоз. Абраҟоуп Актәи Ахада Владислав Арӡынбеи уи ицнагаҩцәеи аҳәынҭқарразы ихадоу, илахьынҵаӡбагаз азыӡбақәа ахьрыдыркылоз. Атәыла Ахада иажәақәа рыла, ас еиԥш ибеиоу аҭоурыхтә ҭынха змоу ақалақь аиқәырхареи аиҿкаареи аҳәынҭқарра аҿаԥхьа ихымԥадатәу уснагӡатәны ишыҟоу.  

▫️Самаратәи аобласт анапхгара иҭабуп ҳәа раҳәо, Гәынба Бадра инаҵшьны иазгәеиҭеит Самаратәи арегиони Гәдоуҭа ауааԥсыреи русеицура аҵак ҷыда шамоу, аимадара  ашьақәыргылара шалдыршо.

 ▫️ Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит ареспубликаҿы зынагӡара мҩаԥысуа апроектқәа Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рыстратегиатәи рыдгыларатәи ҟазшьа лабҿаба ишышьақәдырӷәӷәо.

▫️ Гәынба Бадра иажәақәа рыла, урыстәылатәи арегионқәеи ҳареи ҳаинырра ӷәӷәа шықәсырацәалатәи аиҩызаратә еимадарақәа рырӷәӷәара иацхраауеит, аусеицуразы алшара ҿыцқәа аанартуеит, ареспублика еснагь адгылара аҭара иазхиоу узықәгәыӷша, акыр иаԥсоу аҩызцәа шамоу шьақәнарӷәӷәоит.

▫️ Ахада ҷыдала инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны Урыстәыла Ахада Владимир Путин имҩаԥиго хаҭалатәи азҿлымҳареи адгылареи, иагьазгәеиҭеит ареспубликаҿы уи ахә ҳаракны ишыршьо. Гәынба Бадра иара убасгьы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко. Аҳәынҭқарра Ахада игәалаиршәеит урҭ изныкымкәа иарбоу аобиект ишеицаҭаахьаз, инаҵшьны иазгәеиҭеит Сергеи Кириенко аизыҟазаашьақәа рҳәаа иҭагӡаны азҵаарақәа зегьы инарҵауланы дышрызнеиуа.   

Read 22 times Last modified on Ашәахьа, 06 Ԥхынгәы 2026 18:48
aps25