АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 10 Ԥхынгәы 2026 20:49

Ахада Апарламент ахәаԥшразы иалеигалеит «Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутат истатус азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан

 Азакәанԥҵаратә аԥшьгара адепутат истатус азинтә ҭышәныртәалара аиӷьтәреи атәыла иреиҳаӡоу азакәанԥҵаратә усбарҭа аусура аконституциатә шьаҭақәа рырӷәӷәареи иазырхоуп.

 

Азакәан апроект ала ажәалагала ҟаҵоуп ҿыц иалху Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа рмаҵура иахагылаанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа шеиларымго, ажәлар гәык-ԥсыкала ишырзыҟоу азы аҳәынҭқарратә бызшәала ҭоуба шыруа шьақәыргылазарц.  Аҭоуба иуааанӡа адепутат изинмчхарақәа рынагӡара дзалагом. Убри аан ҭоуба аура аԥҟареи уи атексти Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ишьақәнарӷәӷәоит.

 Иарбоу аиҭакрақәа рыдкылара ахымԥадатәра ҵаҵӷәыс иамоуп аус зуа азакәанԥҵарала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадеи, аӡбаҩцәеи, Апрокурор Хадеи, егьырҭ амаҵурауааи ҭоуба ахьыруа, аха апарламент адепутатцәа рганахьала аиԥш-зеиԥшу апроцедура иахьа уажәраанӡа иҟам. Азакәанапроект ари азинтә гха аԥыхреи аҳәынҭқарратә мчра амахәҭақәа зегьы рхаҭарнакцәа рмаҵурахьы рнеиразы иаку азнеишьа алыршареи иазырхоуп.

Арҭ аиҭакрақәа инаҵшьны иазгәарҭоит ажәлар иалырхыз аҳәынҭқарреи Аԥсны атәылауааи рҿаԥхьа ирыду иҷыдоу аҭакԥхықәра, иара убас ишьақәдырӷәӷәоит адепутаттә мандат анагӡара алагара иамоу асимволтәи азинтәи ҵакы.

 

Азакәанапроект инақәыршәаны азакәан амчра аиуеит 2027 шықәса ажьырныҳәамза 1 инаркны. Уи аҿҳәара ааиаанӡа Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутат иҭоуба ауреи аԥҟареи уи атексти шьақәнарӷәӷәараны иҟоуп.
 

Read 2 times Last modified on Ахәаша, 10 Ԥхынгәы 2026 21:16
aps25