Бадра Гәынба инаҵшьны иҳәеит уаанӡа иазгәаҭаз апроектқәа зегьы иарбоу аҿҳәара инақәыршәаны рынагӡара ишаҿу. Ҷыдала, ирылацәажәахьан. ахәыҷтәы хәышәтәырҭа аиҭашьақәыргылареи аргылареи, иара убас аинфраструктуратә проектқәа реиԥш иҟоу ихадоу апроектқәа.
▫️ Уи адагьы, аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит имҩаԥысыз аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны ишазԥхьагәаҭаз азинҷыдатә кредит аҭара апрограмма аҿиареи аҭареи рзы амҩатә хсаала. Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, ари апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны ахцәажәара зҭаху азҵаарақәа жәпакы ыҟоуп, иара убас аицынагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵакы змоу егьырҭ азҵаарақәагьы.
▫️ Аҳәынҭқарра Ахада аиԥылараҿы иҳәеит гәык-ԥсыкала Урыстәыла Ахада Владимир Путин иҭабуп ҳәа шиеиҳәо. Бадра Гәынба иазгәеиҭеит ҩ-ганктәи аусеицура азҵаарақәа жәпакы ишрылацәажәаз лаҵарамза 9 рзы имҩаԥысыз аиԥылараҿы, уи аихшьалақәа рыла иалкаау анапынҵақәеи аӡбамҭақәеи жәпакы шрыдыркылахьоу. Уажәы урҭ активла аус рыдырулара мҩаԥысуеит.
▫️ Сергеи Назаров иазгәеиҭеит ҩ-ганктәи аусеицура аконструктивла аҿиара ишаҿу. Уи иажәақәа рыла, ауадаҩрақәа шыҟоугьы, еиқәшәаны аусура иабзоураны ареспубликаҿы аизҳазыӷьара амҩа анылара шалыршоу. Иара убас инаҵшьны иазгәеиҭеит арбага хадақәа, ахашәалақәеи азеиԥш аалыҵи налаҵаны, аизҳара шырныԥшуа.
▫️ Хазы Сергеи Назаров дазааҭгылеит Урыстәыла Ахада ииҭаз анапынҵақәа аинвестициатә проектқәа рыдгылара ахәҭаҿы рынагӡара, иара убас уажәы зынагӡара мҩаԥысуа егьырҭ анапынҵақәа жәпакы. Сергеи Назаров инаҵшьны иазгәеиҭеит уажәтәи ахықәкы арҭ апроцессқәа иаарласны рхацыркра шакәу. Аҩбатәи ашықәсбжазы аусура алагара ишазхиоу азгәаҭаны, иациҵеит аиԥылараан ахацыркразы ихымԥадатәиу акәамаҵамақәа зегьы ирылацәажәараны ишыҟоу, избан акәзар уи азы аҭагылазаашьақәа зегьы аԥҵоуп. Сергеи Назаров игәаанагарала, иарбоу апроектқәа рынагӡара Аԥсны ԥхьаҟатәи аҿиараҿы лагала дуны иҟалоит.